Баҭым амшынаҿ аҧжәара ҟалеит
Баҭым амшынаҿ аҧжәара ҟалеит

Баҭым амшынаҿ аҧжәара ҟалеит. Заанаҵтәи аинформациа инақәыршәаны, 30 метр аҟара аҟәара иацәыхараны идырым аобиект ҧжәеит. Версиак ала, уи аӡаҵантәи аминоуп. Уажәазы уаҳа аинформациа иҟам.

Аҭыҧаҿ аус руеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу ахәҭақәеи аиқәырхаҩцәеи.