"Азов" анапхгаҩы - Иреиҳаӡоу арратә напхгара агарнизон аруаа рыҧсҭазаара аиқәырхареи ақалақь ахьчара аҟәыҵреи азы адҵа ҟарҵеит
«Иреиҳаӡоу арратә напхгара агарнизон аруаа рыҧсҭазаара аиқәырхареи ақалақь ахьчара аҟәыҵреи азы адҵа ҟарҵеит», — иҳәеит алегион «Азов» анапхгаҩы Денис Прокопенко.
Прокопенко Мариуполь ахьчаҩцәа ҳасабтәс ирымаз еиҭеиҳәеит.
«86 мшы Мариуполь ҳахьчон. Иреиҳаӡоу арратә напхгара агарнизон аруаа рыҧсҭазаара аиқәырхареи ақалақь ахьчара аҟәыҵреи азы адҵа ҟарҵеит. Ақәҧара шыуадаҩызгьы, абџьар шмаҷызгьы, ҳара еснагь 3 хықәкык иалкааны иҳаман: атәылауааи, ахәрақәа заузи, иҭахази. Атәылауаа ревакуациа ҳалшеит. Ахәрақәа змаз раҧхьатәи ацхыраара рыҭаны, Украина анапхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылахь ииагоуп. Иҭахаз афырхацәа ирыдҳәаланы апроцесс инагӡоит. Хара имгакәа урҭ ҳаҭырла анышә рамадара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ахьӡ-аҧша амазааит Украина!» – иҳәеит Прокопенко.