Азиатәи Аҿиара абанк ахада Масацугу Асакава Қвешеҭи-Коби аҳаҧкылҵәа ибеит
Азиатәи Аҿиара абанк ахада Масацугу Асакава Қвешеҭи-Коби аҳаҧкылҵәа ибеит

Қырҭтәыла Арегионaлтә ҿиaреи aинфрaструқтуреи рминистр Иракли Қарселаӡеи, Қырҭтәылa афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии Азиатәи Аҿиара абанк (ADB) ахада Масацугу Асакавеи Қвешеҭи-Коби амҩа ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны идыргыло 9 км ауру змоу аҳаҧкылҵәа аусурақәа шымҩаԥысуа гәарҭеит.

Қырҭтәыла Арегионaлтә ҿиaреи aинфрaструқтуреи рминистрра аинформациа ала, Қвешеҭи-Коби амҩа ҿыц апроект Азиатәи Аҿиара абанк (ADB) Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанки  (EBRD) рфинанстә цхыраарала нагӡоит. Қвешеҭии Кобии еимыздо амҩа апроект 1.2 миллиард лари иаҧсоуп.