Ажьырныҳәа  9 инаркны ажьырныҳәа 10 шьыжьымҭанӡа Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ақәа ауеит, амшынаҿ ашторм ҟалоит, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асы леиуеит
Ажьырныҳәа  9 инаркны ажьырныҳәа 10 шьыжьымҭанӡа Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ақәа ауеит, амшынаҿ ашторм ҟалоит, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асы леиуеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ажьырныҳәа  9 инаркны ажьырныҳәа 10 шьыжьымҭанӡа Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ақәа ауеит, амшынаҿ 3–4  абалл ашторм ҟалоит, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асы леиуеит

«Амҩатә цыҧҵәахақәак рҿы аҧкрақәа шьақәдыргылар ҟалап. Алышәшәақәа рымшала аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә раионқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап», — иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.