Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра ажьырныҳәа 15-17 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ажьырныҳәа 15-17 рзы Қырҭтәыла ақәа ауеит, ашьхараҿ асы леиуеит.
«Ажьырныҳәа 15 рзы Қарҭ ақәа аур ҟалап. Ажьырныҳәа 16 – 17 рзы амш еилгоит. Аҳауа атемпература +8 +10 градус аҟынӡа ишьҭыҵуеит.
Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы (Баҭым, Кобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ): ажьырныҳәа 15-17 рзы ақәа леиуеит, шьыбжьон +11 +13 градус ҧхаррахоит, ажьырныҳәа 16-17 рзы аҳауа атемпература лаҟәхоит +6,+8 градус аҟынӡа.
Ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы (Ахалқалақи, Цалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): ажьырныҳәа 15-17 рзы асы леиуеит. Шьыбжьон -1, +1 градус ҟалоит», — иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.