Азербаиџьантәи Ареспублика Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вилаиат Еивазов Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭааит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе иааԥхьарала, Азербаиџьантәи Ареспублика Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вилаиат Еивазов Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭааит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҩ-ҳәынҭқаррак рыҩныҵҟатәи аусқәа рминистрцәа ирҭбаау аформат аҿы аилатәара мҩаԥыргоит, иара убас Қырҭтәылеи Азербаџьани рыбжьара азакәанхьчаратә усхкқәа рҿы иҟоу аусеицура арҵаулара иазку ақәшаҳаҭра рнапы аҵарҩуеит.
Азербаиџьан аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри азербаиџьантәи аделегациа алахәылацәеи Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа оминистрра аполициа аҟәшақәа ирҭаауеит.