Азербаиџьан Шәамахьтәыла ахаранаҵоит азербаиџьантәи арратә позициақәа рылахысра, Шәамахьтәыла ари ахарадҵара мап ацәнакуеит
Азербаиџьан Шәамахьтәыла ахаранаҵоит азербаиџьантәи арратә позициақәа рылахысра, Шәамахьтәыла ари ахарадҵара мап ацәнакуеит

Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррала, цәыббра 10 шьыжьымҭан асааҭ 11 инаркны цәыббра 1-нӡа,  Киалбаџьартәи араион анхарҭатә пунктқәа Зиаилики, Иелиџьеи, Иуихары Аирыми рҿы игылоу азербаиџьантәи апозициақәа  шәамахьтәылатәи апозициақәа рҟынтәи аамҭа-аамҭала ирылахысуан.

Атәылахьчара аминистрра адыррала, азербаиџьантәи арратә хәҭақәа иашьашәалоу аҭак ҟарҵеит.

Шәамахьтәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа инақәыршәаны, азербаиџьантәи аган ииашам аинформациа аладырҵәоит, шәамахьтәылатәи арратә хәҭақәа зыӡбахәы ҳәоу анхарҭатә пунктқәа иреихсуамызт.

Шәамахьтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәааҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, уаҟа аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит шәамахьтәылатәи арбџьармчқәа.