Азакәанхьчаҩцәа, Кахеҭи асасааирҭа "Ҟварелтәи аӡиа" аԥхьа имҩаԥысуа акциа алахәылаҩцәақәак атерриториа иалыргеит
Азакәанхьчаҩцәа, Кахеҭи асасааирҭа "Ҟварелтәи аӡиа" аԥхьа имҩаԥысуа акциа алахәылаҩцәақәак атерриториа иалыргеит

Азакәанхьчаҩцәа, Кахеҭи асасааирҭа “Ҟварелтәи аӡиа” аԥхьа имҩаԥысуа акциа алахәылацәак атерриториантә алыргеит.

Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист аҭыԥ аҟынтә ишаалыцҳаз ала, асасааирҭа аԥхьа аҭагылазаашьа цәгьахеит асасааирҭантә амикроавтуобус андәылҵ ашьҭахь.

Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, амикроавтобус иҭатәан Урыстәылантә иааз ауааԥсыра. Акциа алахәылацәа амикроавтобус акәтаӷьқәа агәыдырҵеит, ари ахылҵит азакәанхьчаҩцәеи адемонстрантцәеи реиҿагылара.

Асасааирҭа “Ҟварелтәи аӡиа” аԥхьа акциа “Амилаҭтә ҵысра” аиҿкаарала мҩаԥысуеит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҭаацәара алахәылацәа асасааирҭа “Ҟварелтәи аӡиа” иаҭааит. Асасааирҭа администрациа ари адырра шьақәдырӷәӷом.