Азакәанхьчаҩцәа апарламент аԥхьа имҩаԥысуа ақциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит еилыҵырц
Азакәанхьчаҩцәа апарламент аԥхьа имҩаԥысуа ақциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит еилыҵырц

Азакәанхьчаҩцәа апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит еилыҵырц.

Апарламент иаҵанакуа аҵакырадгьыл аҿы аҭагылазаашьа цәгьахеит апленартә аилатәара анхыркәшаха, гәыԥҩык акциа алахәылацәа апарламент аҩналарҭахь аниас ашьҭахь. Акциа алахәылацәа аҩналарҭа аблокирра рҭахын, аха азакәанхьчаҩцәа ари азин рырымҭеит.

Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп агәыԥ ҷыда ахаҭарнакцәа, урҭ акциа имырппразы рхы иадырхәит аӡыршәгақәа.

Апарламент иахьатәи апленартә аилатәараҿ актәи аԥхьарала рыдыркылеит Жәлар рымч  “Атәымтә нырра алабҿабара” иазкә рзакәанпроект.

Арегистрациа иахысит 113-ҩык адепутатцәа, азакәанпроект иадгылеит 76-ҩык, иаӡагылеит 13-ҩык.