Аусеилыргаратә маҵзура ахаҭарнакцәа еиҿкаау агәыҧ ала ахазалхратә аҧҟара аилагаразы Казахстан хҩык атәылауаа ааныркылеит
Аусеилыргаратә маҵзура ахаҭарнакцәа еиҿкаау агәыҧ ала Қырҭтәыла аҳәааҿы ахазалхратә аҧҟара еилаганы анефҭ рацәа ахархәара афакт азы Казахстан хҩык атәылауаа ааныркылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аусеилыргаратә маҵзура.
„Аусеилыргара ишышьақәнаргылаз ала, „Баҭымтәи анефҭтерминал“ анапхгаратә хаҿқәа, атерминал арезервуарқәа рҿы иҟаз, 15 000 000 лари иаҧсоу, ахазалхратә гәаҭара иахымсыз 10 000 тонна еиҳаны анефҭ аӡа ахазалтә процедурақәа ирывсны рхы иадырхәеит.
Ахара зду ауаа, зыӡбахәы ҳәоу афакт аҵәахра амзызла, зхаҭабзиара ҳараку анефҭ рацәа ацынхәрас арезервуақәа ирҭарҭәеит зхархәара ҟамло анефҭ ҟьашьы.
Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 11 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа аҭакра“, – иануп Аусеилыргаратә маҵзура аинформациаҿы.