Аусеилыргаратә маҵзура ахаҭарнакцәа азакәандаратә хашәала рацәа алегализациа афакт азы аилахәыра «Кристалл гәыҧ» анапхгаҩы дааныркылеит
Аусеилыргаратә маҵзура ахаҭарнакцәа азакәандаратә хашәала рацәа алегализациа афакт азы аилахәыра «Кристалл гәыҧ» анапхгаҩы дааныркылеит

Аусеилыргаратә маҵзура ахаҭарнакцәа азакәандаратә хашәала рацәа алегализациа афакт азы аилахәыра «Кристалл гәыҧ» анапхгаҩы дааныркылеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, аилахәырақәа  «Бакуриани Бизнес Групп»-и «Отели Менеџьмент гәыҧи» ахьеилоу «Кристалл гәыҧ» ашьаҭакҩы, иашьашәалоу азин ада, хаҧызарала, Бакуриани аҳаблаҿ асасааирҭатә апартаментқәа хәба иргылеит, иара убас, хазхаҭалатәи ашахамҩеи,  ашәаҩатә трассеи еиҿикааит. Абри зегьы ахархәара азин рыман  «Кристалл гәыҧ» аклиентцәа мацара. Иара закәандарала иргылаз апартаментқәа иҭины, жәабала амиллион лари азакәандаратә хашәала иоуит.

Уажәазы  1 894 925 лари азакәандаратә хашәала алегализациа афакт шьақәыргылоуп.

«Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы  9 шықәса инаркны  12 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп», — ирҳәеит абрифинг аҿы.