Аусԥшааратә маҵзура ҷыда Скотланд Иард визитла иҟан
Аусԥшааратә маҵзура ҷыда Скотланд Иард визитла иҟан

Аусԥшааратә маҵзура ҷыда Скотланд Иард визитла иҟан. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны иазааҭгылеит Антикоррупциатә маҵзура аусзура аспецифика.

«Британиатәи азакәанхьчаҩцәа  аанкыларақәараан атәылауаа рзинқәа рыхьчара астандартқәа ирызкны иаҳзеиҭарҳәеит. Ҳрыхцәажәеит акамерақәеи аанкылараан рхы иадырхәо аинструментқәеи рхархәара аинструкциақәа », — аарыцҳаит Аусԥшааратә маҵзура ҷыда  аҟынтә.

Аусԥшааратә маҵзура ҷыда ахаҭа́рнакцәа рофициалтә визит Қырҭтәыла иҟоу Европа ахеилак аофис адгылара ала мҩаԥган.