Аурысцәа Харьков абомбақәа ақәрыжьит

Аурысцәа Харьков абомбақәа рыларыжьит, иҟоуп аԥсыҭбарақәа.

Ари атәы ааицҳаит Харьковтәи арегионтә арратә округ анапхгаҩы Олег Синегубов.

Синегубов иажәақәа рыла, аракетатә жәылара мҩаԥган Харьков агәҭаны.

“Ахәрақәа роуит 18-ҩык, урҭ ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп. Аӡәы  иара уаҵәҟьа дыԥсит. Аиқәырхаҩцәа аҭыԥ аҿы аус руеит. Ауааԥсыра срыҳәоит гәҽанызааарала иҟазар. Ишаабо ала, аӷа анхарҭа раионқәа рхырхарҭала аинтенсивтә жәыларақәа мҩаԥнагоит”, – иҳәеит Синегубов.