Харьков аракетақәа рыла алахысра амшала ҧшьҩык ҭахеит
Харьков аракетақәа рыла алахысра амшала ҧшьҩык ҭахеит

Харьков аракетақәа рыла алахысра амшала ҧшьҩык ҭахеит. Ари аинформациа алаирҵәеит Харьковтәи атәылаҿацә арратә администрациа аиҳабы Олег Синегубов.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аурыс аруаа Харьков ахырхарҭала С-300 2 ракетак дәықәырҵеит.

Харьков ахада ишиҳәаз ала, аракетақәа руакы ақалақь агәҭаны иҟаз анхарҭатә ҩны иақәҳаит.