Аурыс аган рдыррақәа рыла, Украина, адронқәа рыла Москва иажәылеит, Урыстәыла аҳҭнықалақь аҳаирбаҕәазақәа зегьы рҿы аҧыррақәа аанкылоуп
Украина, адронқәа рыла Москвеи Москватәи арегиони иажәылеит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррқәа рыла, дара 16 адронқәа карыжьит.
Москва ахада Сергеи Собианин ишиҳәаз ала, адронқәа рцәынхақәа зықәҳаз амашьынақәа амца рыцралеит, аихагыла рацәа змоу акорпусқәа аҧхасҭа роуит.
Убри адагьы, адронқәа рыла ажәылара амшала, москватәи аҳаирбаҕәазақәа зегьы рҿы аҧыррақәа аанкылан.