Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР ахеилак Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьеи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьеи зныҧшуа даҽа резолиуциак аднакылеит
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР ахеилак Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьеи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьеи зныҧшуа даҽа резолиуциак аднакылеит

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР ахеилак Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьеи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьеи зныҧшуа даҽа резолиуциак аднакылеит. Ари атәы аанацҳаит аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат апресс-маҵзура.

Арезолиуциа Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы Урыстәыла арбџьармчқәа рыҟазаара иақәыӡбоит, иара убас, аҭыҧқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара афактқәа ирыдҳәаланы агәынамӡара аанарҧшуеит, лымкаала, ари аганахьала иазгәаҭоуп аетникатә дискриминациеи, ауаа рыргәаҟреи, гәымбылџьбарала рызныҟәареи, рышьреи афактқәеи, ахатә бызшәала аҵара ақәиҭымтәреи, ауаа рымҵарсреи, ахҵәацәа рҩнқәа рықәхреи, акультуратә ҭынха абаҟақәа рыҧхасҭатәреи.

«Арезолиуциаҿ иаҵшьны иазгәаҭоуп 2014-2020 шықәсақәа рзы  Қырҭтәыла атәылауаа рышьра зхароу ауаа уажәгьы ахьырхәра шырмоуц.

Иара убас, адокумент аҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп  ахҵәацәа рыҩныҟақәа рахь шәарҭада ахынҳәра алшара шрымам», — азгәаҭоуп аҳәынҭқарратә министр иаппарат апресс-маҵзура аинформациаҿы.

Адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәеи Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизмқәеи аҵакы ду рымоуп аҭыҧқәа рҿы ауаа ршәарҭадареи, аҭышәынтәалареи, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи аиқәыршәаразы.