Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак алахәылацәа реиҳара Актәи аканал ажурналистцәа рыдгыларатә аҳәамҭа иадгылеит,   Лика Басилаиеи Заза Абашиӡеи ари аҳәамҭа иақәшаҳаҭымхеит. Лаша Тугуши аилатәараҿы дыҟамызт
Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак алахәылацәа реиҳара Актәи аканал ажурналистцәа рыдгыларатә аҳәамҭа иадгылеит,   Лика Басилаиеи Заза Абашиӡеи ари аҳәамҭа иақәшаҳаҭымхеит. Лаша Тугуши аилатәараҿы дыҟамызт

Ауаажәларратә дырраҭала Ахылаҧшратә хеилак алахәылацәа реиҳара Актәи аканал ажурналистцәа рыдгыларатә аҳәамҭа иадгылеит,   Лика Басилаиеи Заза Абашиӡеи ари аҳәамҭа иақәшаҳаҭымхеит. Лаша Тугуши аилатәараҿы дыҟамызт.

«Аполитикатә гәыҧқәа Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭареи уи ажурналистцәеи  цәгьала ирыхцәажәоит,  иара убас,  ишиашо ирықәыҕәҕәаны, раҳаҭыр ладырҟәоит. Насгьы,  абри зегьы ақәмақарра ацуп,  дара ишырҳәо ала,  ҧасатәи аиҳабыра  ма ирыдгыло аполитикатә гәыҧқәа анапхгарахьы ихынҳәыр,  Аконституциала агарантиақәа змоу Ауаажәларратә дырраҭара иаҧыхзаауеит.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы,  ари аганахьала активра ду аазырҧшуа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» ахаҭарнакцәа,  (иаҳҳәап, Анна Долиӡе) ҳжурналистцәа ржәылара рҽазыркуеит.

Аламысдаратә,  ацәгьауратә хымҩаҧгашьала аполитикатә хықәкқәа рынагӡара анормалтә демократиатә уаажәларра ианаалом.

Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак аанацҳауеит:

Қырҭтәыла Актәи аканал анапхгареи ажурналистцәеи аҿымҭра рыдазцалаша,  аобиективла аиашара аарҧшраҿы ирҧырхагахаша аполитикатә мчык иҟам.

Ахылаҧшратә хеилак агәаанагарала,  аполиткиатә мчқәа Ауаажәларратә дырраҭара аусхәаҧштә аҽалагалара зрылшом,  Ауаажәларратә дырраҭаразы аполитикатә ақәыҕәҕәара иазку рҽазышәара алҵшәа ахылҵуам. Ҳара аргама ааҳацҳауеит Қырҭтәылаҿ Ауаажәларратә дырраҭара аидеиа аҵыхәанӡа ишыҳахьчо,  анормалтә уаажәларразы иҟазшьарбагам абри аҩыза агрессиатә хымҩаҧгашьа иахәҭоу ақәҿыҭреи аҭаки шаиуа.

Ауаажәларратә дырраҭара есымша ҳтәылазы зҵакы дуу аусура мҩаҧнагоит,  адемократиатә уаажәларра шьаҭас иамоу апринципқәа иахьчоит,  ҳтәыла аинтересқәа ирықәныҟәоит.

Ҳара Актәи аканал анапхгареи ажурналистцәеи адгылара наӡа рзааҳарҧшуеит!» — иануп Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак аҳәамҭаҿы.