Австриатәи Альпы рҿы асыҧса албаара амшала фҩык ҭахеит
Австриатәи Альпы рҿы асыҧса албаара амшала фҩык ҭахеит

Австриатәи Альпы рҿы асыҧса алеира амшала фҩык ҭахеит. ВВС аинформациа ала, хәҩык Чехиа атәылауаа роуп. Асыҧса леит Зальбург 80 км иацәыхараны иҟоу Даштеин арегион аҟны.

Даҽа рыцҳарак акарантин ахьыҟоу арегион аҟны иҟалеит, асыҧса амшала дҭахеит 33 шықәса зыхҵуаз ҧҳәыск.

100-ҩык аиқәырхаҩцәа атуристцәа реиқәырхара иаҿын, аха ирылымшеит.