Австралиаҿ хблак змоу амаҭ рыҧшааит. Амаҭ афотосахьа Австралиа аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоу апаркқәеи абнақәеи рыхьчара амаҵзура аланарҵәеит.
ВВС аинформациа ала, апитон хәыҷы ақалақь Дарвин ааигәара амҩаду аҿы ареинџьерцәа ирбеит. Аха амаҭ мчыбжьқәак рыҧшьах ҧсит.
Аекспертцәа ргәаанагара ала, амаҭ ахҧатәи абла ахьамаз аҧсабаратә мутациа иабзоуроуп.