Авирустә гепатит аеллиминациа аколаборациатә центр аартуп
Авирустә гепатит аеллиминациа аколаборациатә центр аартуп

Ачымазарақәа рхылаԥшреи ауаажәларратә гәабзиареи амилаҭтә центр аҿы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аԥшьгарала Авирустә гепатит аеллиминациа аколаборациатә центр аартын. Ауснагӡатә аҿы дықәгылеит Агәабзиарахьчраа аминистр Зураб Азарашвили.

Аусҳәарҭа анапхгаҩы иааԥхьаз астудентцәа ацентр ахықәкқәа ирызкны адыррақәа рииҭан, авирустә гепатит адиагностикеи ахәышәтәреи зегьы ахьырзыманшәалаз, ачымазара аҿагылара иаҳа имариахеит.

Аколлаборациатә центр астатус анашьара ала Қырҭтәыла агепатит аеллиминациа амилаҭтә планқәеи атестирра астратегиеи аус рыдулареи, амониторинги, адиагностикатә лабораториатә алшарақәа рырӷәӷәареи аԥышәа аиҭныԥсхреи алшоит.

Ауснагӡатә рхы аладырхәит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнакцәа, авирустә гепатит аеллиминациа апроцесс иалахәу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи, аҭыԥантәи партниорцәеи, аспециалистцәеи.