Авиаеилахәыра Transavia Амстердам-Қарҭ-Амстердам амаршрутла ареисқәа рымҩаҧгара иалагеит
Збиуџьет маҷу голландиатәи авиаеилахәыра Transavia Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы аусура иалагеит. Royal Dutch Airlines Амстердам-Қарҭ амаршрутла раҧхьатәи ареис нанагӡеит. Ари ареисла Қарҭ иаҭааит 187ҩык апассаџьырцәа, Амстердамҟа идәықәлеит 185ҩык.
«ТАВ Џьорџьиа» адыррала, аҧхынраз авиаеилахәыра ареисқәа нанагӡоит мчыбжьыкахь ҩынтә, ахашеи асабшеи рзы, Boeing 737-8 аҳаипланқәа рыла.