Авиаеилахәыра "Џьео Скаи" анапхгаҩы - Судан иҟоу 30ҩык Қырҭтәыла атәылауаа рҟынтәи 20ҩык аилахәыраҿ аус руеит
Авиаеилахәыра “Џьео Скаи” агенералтә директор Шьалуа Кикнаӡе иҳәамҭала, Судан иҟоу 30ҩык Қырҭтәыла атәылауаа рҟынтәи 20ҩык аилахәыраҿ аус руеит.
Шьалуа Кикнаӡе Қырҭтәыла Актәи аканал ишазааицҳаз ала, авиаеилахәара апилотцәеи, абортамҩаҧгаҩцәеи, аинџьнырцәеи Судан иҟоуп, дара ашәарҭара иҭагылам, рҭаацәара алахәылацәа есымша ирацәажәоит.
«Уажәааны афатәи аӡи рызнаҳгеит. Ҳәарада, ари азҵаара аҭыҧқәҵара иалахәып Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ҳтәыла апартниорцәеи, иара убас, ЕАР амиссиеи, ҳусзуҩцәа ревакуациазы ишәарҭам акорридор аиҿкааразы аганқәа реиқәшаҳаҭра ҳазыҧшуп. Дара аинтернет рымоуп, еиҧҟьара аимадара ҳабжьоуп, рҭаацәара алахәылацәа ирацәажәоит. Дара аҩны идәылҵӡом, аҧенџьыр ааигәара инеиӡом. Ишыздыруа ала, ари атәылаҿ имҩаҧысуа аиҿагылара амҽхак дууп», — иҳәеит Кикнаӡе.
Иара ишазгәеиҭаз ала, Судан иҟоу егьырҭ 10ҩык Қырҭтәыла атәылауаа авиаеилахәыра «Маивеи» аҿы аус руеит.
«Ҳара аҳаирплан ҳамоуп. Аганқәа еиқәшаҳаҭаны, аҳаирла аевакуациа алшара ҳарҭар, ҳҳаипланла 100ҩык рҟнынӡа Қырҭтәыла атәылауаа, ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа ралгара ҳалшоит. Ҳара Суданынтә Сҭампылҟа, насгьы, Европаҟа ареисқәа мҩаҧаагоит. Аимак зхылҵша акгьы иҟам. Ҳара апассаџьыртә реисқәа мҩаҧаагоит», — иҳәеит Кикнаӡе.