Авиаеилахәыра "Geo Sky" анапхгаҩы - Судан ахымца иҵабыргны ааныркылаанӡа, аевакуациа амҩаԥгара ҳалшом
Авиаеилахәыра "Geo Sky" анапхгаҩы - Судан ахымца иҵабыргны ааныркылаанӡа, аевакуациа амҩаԥгара ҳалшом

Глава авиакомпании “Geo Sky” – Мы не можем начать эвакуацию, пока огонь в Судане реально не прекратится

«Судан ахымца иҵабыргны ааныркылаанӡа, аевакуациа амҩаԥгара ҳалшом», — иҳәеит авиаеилахәыра “Geo Sky” анапхгаҩызаявил Шьалуа Кикнаӡе.

Иажәақәа рыла, авиаеилахәыра аусуҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам, урҭ рҭаацәарақәа рҟны аимадара рымоуп.

«Иҳамоу адыррақәа рыла, 72 сааҭ рыла ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Аха аофициалтә аршаҳаҭга ҳмоур, ахымца иҵабыргны ааныркылаанӡа, аевакуациа амҩаԥгара ҳалшом. Ҳинџьнырцәеи ҳпилотцәеи аҳаирпланқәа рахь анеира алшара роуроуп, урҭ аҳаирплан ахәшьара арҭароуп, уи ала аԥырра ҟало иҟамло рыӡбароуп. Ари ашьҭахь аӡбара адкылара ҳалшоит ма альтернативтә амҩа аԥшаара ҳалагоит», — иҳәеит Шьалуа Кикнаӡе.

Аихқәа рдыррақәа рыла, Судан арбџьармчқәеи арратә гәыҧ «Аоперативтә адгыларатә мчқәеи»  72 сааҭ рыла ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Амца аанкылара арежим амч амазаауеит  Курбан-баирам анҵәамҭанӡа.  Аларҵара зауз аинформациа ала, зыӡбахы ҳәоу аамҭа иалагӡаны атәылауаа ревакуациазы агуманитартә корридорқәа аартызаауеит. Судан атәыла арбџьармчқәеи арратә гәыҧ «Аоперативтә адгыларатә мчқәеи» рыбжьара мшаҧы  15 рзы иалагаз аиҿагылара уажәгьы инагӡоит. ВВС адыррала, иҭахеит  200-ҩык раҟара. Судан аҳҭнықалақьаҿ афатәи аӡыржәтәи рызхом.