Авиаеилахәыра "Geo Sky" анапхгаҩы – Судан аҭагылазаашьа аҽамҧсахит, ҳусзуҩцәа ишәарҭам аҭыҧаҿ иҟоуп, ахысра ианаҟәыҵлак аевакуациа алагара ҳазыхиоуп
«40 минуҭ раҧхьа ҳусзуҩцәа ҳрацәажәеит, аҭагылазаашьа аҽамҧсахит, ҳусзуҩцәа ишәарҭам аҭыҧаҿ иҟоуп, аӡи афатәи рымоуп, иахьа шьыжь инаркны аганқәа рыбжьара аиҿагылара еиҭалагеит, аҭагылазаашьа уадаҩхеит», — иҳәеит «Geo Sky» авице-ахада Шьалуа Кикнаӡе.
Кикнаӡе иҳәамҭала, авиаеилахәыра аусзуҩцәа ревакуациа иазыхиоуп.
«Ишыжәдыруа ала, иахьа аҧсылмантә дунеи ачгара иалҵуеит, уаҵәы аныҳәа ду рымоуп. Аныҳәатә мшқәа раан амца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхап ҳәа ҳгәыҕуеит. Уажәазы Судан иҟоуп «Geo Sky» ҩажәаҩык аусзуҩцәа. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ашаҳаҭра ҳазыҧшуп, амца ааныркылар, зыҧшра ҟамҵакәа аевакуациа алагара ҳазыхиоуп», — иҳәеит Кикнаӡе.