Авиаеилахәыра  EasyJet Женевантә Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа раҧхьатәи ареис мҩаҧнагеит
Авиаеилахәыра  EasyJet Женевантә Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа раҧхьатәи ареис мҩаҧнагеит

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ аусура иалагеит авиаеилахәыра  EasyJet.  Иахьа ари авиаеилахәыра Женевантә раҧхьатәи ареис мҩаҧнагеит. Ари атәы аанацҳаит  TAV Georgia.

«Иахьа, хәажәкыра 31 инаркны, авиаеилахәыра  EasyJet Switzerland,  Женева-Қарҭ-Женева амаршрутла мчыбжьыкахь ҩынтә  – ашәахьеи аҧшьашеи рзы ареисқәа мҩаҧнагоит.  Мшаҧы 1 инаркны авиаеилахәыра   EasyJet UK  Қарҭ-Лондон-Қарҭ амаршрутла аҧырра иалагоит. Ареисқәа мҩаҧысуеит мчыбжьыкахь ҩынтә  – аҩашеи асабшеи рзы. Иара убас, мшаҧы 1 инаркны, аҩашеи асабшеи рзы  Милан-Қарҭ-Милан амаршрутла аҧырра иалагоит авиаеилахәыра  EasyJet Europe Airline GmbH», – иануп  TAV Georgia аҳәамҭаҿы.