AUSTRIAN AIRLINES  Қырҭтәылаҟа ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит   
AUSTRIAN AIRLINES  Қырҭтәылаҟа ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит   

Иреиҕьу австриатәи авиаеилахәырақәа иреиу  Austrian Airlines  Венантә Қарҭҟа раҧхьатәи ишиашо ареис мҩаҧнагеит.  Европатәи авиаеилахәыра ҿыц  Вена-Қарҭ-Вена ахырхарҭала ишиашо ареисқәа мҩаҧнагоит мчыбжьыкахь хынтә, аҳаирплан  Airbus A320 ала.

AUSTRIAN AIRLINES   ишьаҭаркын  1957 шықәсазы, уи  Lufthansa Group авиаеилахәыраҿыгоуп.  Авиаеилахәыра  55 ҳәынҭқаррақәа рҿы  130 ахырхарҭақәа рыла ареисқәа мҩаҧнагоит. Уи апарк шьақәгылоуп  70 аҳаирпланқәа рыла, урҭ реиҳара  Airbus A320 аҳаирпланқәа роуп.