Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакәа Аҟәарахьчаратә маҵзура Қырҭтәыла атерриториатә аӡқәа рҿы НАТО аҕбақәа рыдыркылоит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакәа Аҟәарахьчаратә маҵзура Қырҭтәыла атерриториатә аӡқәа рҿы НАТО еснагьтәи аҩбатәи арра-амшынтә аиҟәша (SNMG2) рыдыркылоит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аиҟәша иалахәып: афлагмантә аҕба  CRISTOBAL COLON (Испаниа), REGINA MARIA (Румынтәыла), KEMALREIS (Ҭырқәтәыла),  SMELI (Болгариа). Аотриад анапхгара азиуеит аконтр-адмирал Мануел Агирре Альдерегиа.

Аусбарҭа адыррақәа рыла,  абаҕәазатә визит Қырҭтәыла арра-амшынтә мчқәеи, егьи аганахьала – Алианс иалоу атәылақәеи апартниорцәеи рыбжьара аусеицура аиҕьтәра иазкуп.

«Акоронавирус апандемиа аан НАТО аҩбатәи еснагьтәи арра-амшынтә аиҟәша авизит даҽазнык ишьақәнарҕәҕоит Алианс Қырҭтәыла ишадгыло, уи Амшын еиқәа ашәарҭадара арҕәҕәара аус аҿы НАТОи Қырҭтәылеи русеицура ҕәҕәа иабзоуроуп.

Аиҟәша авизит мҩаҧгахоит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр абжьагарақәа инрықәыршәаны. Акоронавирус аларҵәара апревенциа амзызла, аиҧыларақәа зегьы анахарала имҩаҧысуеит, азеиҧш азыҟаҵарақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп аҕбақәа рманиорвқәа мацара, аекипаж  ари апроцесс иалахәхәом.

НАТО аҕбақәа Қырҭтәыла атерриториатә аӡқәа ирылҵуеит хәажәкыра  18 рзы», — иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.