Ацҳаражәҳәарақәа рхаҭарнакцәа праид амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнацәа имҩаԥыргаз ашәарҭадаратә ауснагӡатәқәа рзы иҭабуп ҳәа рарҳәеит
Ацҳаражәҳәарақәа рхаҭарнакцәа праид амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнацәа имҩаԥыргаз ашәарҭадаратә ауснагӡатәқәа рзы иҭабуп ҳәа рарҳәеит

Еиуеиԥшым атәылақәа рыцҳаражәҳәарақәа рхаҭарнакцәа праид амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнацәа имҩаԥыргаз ашәарҭадаратә ауснагӡатәқәа рзы иҭабуп ҳәа рарҳәеит. Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ран Гидор Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаԥнагаз ашәарҭадаратә ауснагӡатәқәа иҿырԥшыгоуп ҳәа иԥхьаӡоит.

“Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра праид амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥнагаз ашәарҭадаратә ауснагӡатәқәа зеиԥшҟамлац ала ибзиаӡаны рымҩаԥгара адысныҳәалоит. Қырҭтәыла аконституциаҿ иану аиҟарареи аԥштәырацәареи ирызку ахәынаӡарақәа рыхьчара зеиԥшҟамлац ала ибзиаӡаны нагӡан”, – иҩит Твиттер аҿы ацҳаражәҳәаҩ.