Аҩны шкәакәаҿ ирҭбаау аформатла аиԥылара иалагеит, аиԥылара рхы аладырхәоит европатәи алидерцәеи Нато амаӡаныҟәгаҩ хадеи.
Уаанӡа ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии ишиашоу еиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылара иалагаанӡа Зеленскии Трампи ажурналистцәа ирацәажәеит.
Ирҭбаау аформат ала имҩаԥысуа еиҿцәажәарақәа рхы аладырхәоит Франциа ахада Еммануель Макрони Финлиандиа ахада Александр Стуб, Еврокомиссиа ахада Урсула Фон дер Лаиени, Германтәыла аканцлер Фридрих Мерци, Британиа ду аԥыза-министр Кир Стармени, Италиа аԥыза-министр Џьорџьиа Мелони.