Аҩны шкәакәа аҟынтә ишаарыцҳаз, Џьамтәыла уажәы Урыстәылазы зегь реиҳа уақәгәыӷыртә иҟоу партниоруп
Аҩны шкәакәа аҟынтә ишаарыцҳаз, Џьамтәыла уажәы Урыстәылазы зегь реиҳа уақәгәыӷыртә иҟоу партниоруп

Џьамтәыла уажәы Урыстәылазы зегь реиҳа уақәгәыӷыртә иҟоу партниоруп. Ари иҳәеит Аҩны шкәакәа амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак астратегиатә коммуникациақәа рдиректор Џьрн Кирби.

Кирби иажәақәа рыла, арратә хырхарҭала Москвеи Тегерани реизыҟазаашьақәа иӷәӷәоуп партниоррахь ииасит.

Вашингтон аҟынтә ишаарыцҳаз, ирымоу аинформациа инақәыршәаны, арҭ атәылақәа дронқәа еицааглыхра рпланқәа ирылоуп.

Аҩны шкәакәа аинфорсациала, Џьамтәыла хтәылауаҩык асанкциақәа рзышьақәыргылоуп. Урҭ Урыстәыла камикаӡе дронқәа рызнаргоит.