Аҩы амилаҭтә агентра – Аҳәынҭқарра акырц иҧхасҭанатәаз ажь адкылара иазыхиоуп
Аҳәынҭқарратә наплакы «Аҽаҩра ахылаҧшратә еилахәыра» акырц иҧхасҭанатәаз ажь кьылак азы 0,90 ҭеҭри ҳәа адкылара иазыхиоуп, — иануп Қырҭтәыла Аҩы амилаҭтә агентра адырраҿы.
«Акырцхи аҧшацәгьеи рымшала, Кахеҭи арегионаҿ еиуеиҧшым ақыҭанхамҩатә культурақәа, аӡахәаҭрақәагьы аҧхасҭа ду роуит.
Аҽаҩра аҭагалара ахылаҧшратә штаб уахгьы-ҽынгьы аус ауеит азарал зауз ааглыхыҩцәа еиҧҟьарада аҽаҩра аҭира рылшарц азыҳәан.
Аҳәынҭқарра, наҟ-наҟгьы, аҧсабаратә рыцҳара амшала азарал зауз афермерцәа ирыцхраауеит», — иануп Аҩы амилаҭтә агентра адырраҿы.