Қырҭтәылa Аҩныҵҟaтәи aусқәa рминистр Гека Гелаӡе Қырҭтәыла иҟоу Туркменистан ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит, – аарыцҳаит АҩАР аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, аиԥылраҿ аганқәа Қырҭтәылеи Туркменистани ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи зыҩаӡара ҳарку аусеицуреи ирзааҭгылеит.”Аганқәа ҩтәылак рзакәанхьчаратә усҳәарҭақәа наҟ-наҟтәи русеицуреи арҭ еизыҟазаашьақәа рырҵаулара аперспективақәеи ирыхәаԥшит. Қырҭтәылa Аҩныҵҟaтәи aусқәa рминистр Гека Гелаӡе ацҳаражәҳәаҩ ишиаиҳәаз ала, ақырҭуа ган Тыркменистан аҟны азакәанхьчаратә хырхарҭала аусеицура арҭбаара азыиоуп”, – иануп аинформациа аҿы.