Аҩадатәи Кореиа  хазхаҭалатәи арҧшӡагатә салонқәа адыркуеит
Аҩадатәи Кореиа  хазхаҭалатәи арҧшӡагатә салонқәа адыркуеит

Аҩадатәи Кореиа  хазхаҭалатәи арҧшӡагатә салонқәеи ахахәыҟаҵарҭақәеи  адыркуеит.  Мзызс аадырҧшит  «аиндивидуализм иацхраауа антисоциалисттәи исоциалистыми ахымҩаҧгашьа».

Ахыҵхырҭа адыррала, арҧшӡагатә салонқәа ирҿагыло  арепрессиақәа иалагеит   2022 шықәса нанҳәа анҵәамҭазы. Аҩадатәи Кореиаҿ аҳәынҭқарратә ахахәыҟаҵарҭақәеи арҧшӡагатә салонқәеи иҟоуп,  аха,  маӡала аус зуа хазхаҭалатәи асалонқәагьы маҷым.

Аҳәынҭқарра ашәахтә азызшәо асалонқәа иреиҧшымкәа,  хазхаҭалатәи асалонқәеи ахахәыҟаҵарҭақәеи ашәахтә ршәом.

Хазхаҭалатәи асалонқәа аҿар рыгәҭа апопулиарра ду рымоуп,  избанзар уаҟа,  аклиент  ишиҭаху ихахәы ҵдырффоит.