Атуризми авиациеи 2023 шықәсатәи рҳасабырбеи 2024 шықәсатәи апланқәеи рӡыргара мҩаԥган
Атуризми авиациеи 2023 шықәсатәи рҳасабырбеи 2024 шықәсатәи апланқәеи рӡыргара мҩаԥган

Асасааирҭа “Параграф” аҿы Қырҭтәыла Атуризми авиациеи 2023 шықәсатәи рҳасабырбеи 2024 шықәсатәи апланқәеи рӡыргара мҩаԥган.

Ауснагӡатә рзы аладырхәит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, авице-аԥыза,  Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр Леван Давиҭашвилии, аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәеи, аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асекторқәа рхаҭарнакцәа, адипкорпуси жәларбжьаратә афинанстә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Авице-аԥыза,  Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр Леван Давиҭашвили аӡыргараан ишазгәеиҭаз ала, аҵыхәтәантәи ацықәсқәа рзы аекономикатә азҳараҿ атуризм ахырхарҭа ароль хада нанагӡеит. Атуризми авиациеи еидҳәалоу ахырхарҭақәа роуп, аҩ хырхарҭак рҿы ақәҿиара дуқәа иҟан.

Астатистикатә дыррақәа рыла, атуризм авиациеи рхырхарҭаҿ 2023 шықәсазы арекордтә арбага иҟан: атуризм аҟынтә ахашәала 4ю1 миллиард доллар иаҟаран, аҳаирбаӷәазақәа рҿы аҭааҩцәа реикәшара 6 миллионҩык иаҟаран.