Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭа ишану ала, Америкеи Қырҭтәылеи рырра-политикатә еизыҟазаашьақәа ирызкны аларҵәара зауз аинформациа ииашам.
«Атәылахьчара аминистрра Америкеи Қырҭтәылеи рырра-политикатә еизыҟазаашьақәа ирызкны амедиаҿ аларҵәара зауз ииашам аинформациа ақәҿнаҭуеит. Зыӡбахәы ҳәоу аинформациа алаирҵәеит аполитикатә хықәкқәа змоу ахаҿы, анеҩс, амедиахархәагақәаки аполитикатә активра аазырҧшуа ахаҿқәеи ари аинформациа рхы иадырхәоит адезинформациатә кампаниа амҩаҧгаразы.
Ауаажәлар рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит цқьа игәаҭоу аинформациа иахәаҧшырц, ҷыдала, абас зҵакы дуу атемазы», — иануп Атәылахьчара аминистрра адырраҿы.