Атәылауаҩ Николоз Гугешашвили   Facebook аҿы ишаниҵаз ала, иара иоуп Миша Мшвилдаӡе дзыпҟаз
Атәылауаҩ Николоз Гугешашвили   Facebook аҿы ишаниҵаз ала, иара иоуп Миша Мшвилдаӡе дзыпҟаз

Атәылауаҩ Николоз Гугешашвили   Facebook аҿы ишаниҵаз ала, иара иоуп Миша Мшвилдаӡе дзыпҟаз.

Николоз Гугешашвили ишиҩыз ала, иара аҽыцәахра игәы иҭам.

«Сара,  Николоз Гугешашвили,  Глдани инхо,  ҧшьҩык ахылҵ змоу ахаҵа,  иацы,  Важа Ҧшавела имҩадуаҿ сыҟан,  уаҟа,  Карфур иазааигәаны,  Миша Мшвилдаӡе дсыпҟеит.   Избанзар,  иара ҳуахәама акриминал ҳәа азиҳәоит,  аџьар амчылара иасимволуп ҳәа иҳәоит,  Апатриарх ишакәым ала диацәҳауеит. Иара убас,  Facebook аҿы сареи сҩызцәеи дҳацәҳауеит. Убри азоуп дзысыпҟаз. Аҽыҵәахра сгәы иҭам», — иҩит  Николоз Гугешашвили.

Ателееилахәыра  «Формула» адыррала,  Миша Мшвилдаӡе дрыпҟеит ахәаахәҭратә центр ааигәара. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала,  ари афакт азы аусеилыргара иалагеит.