Атәыла аенергетикатә кризис ашәарҭа аҟынтә, Молдова ахада ауааԥсыра агәҽанҵара ралҭоит аӡынразы аҽазыҟаҵара иалагарц
Атәыла аенергетикатә кризис ашәарҭа аҟынтә, Молдова ахада ауааԥсыра агәҽанҵара ралҭоит аӡынразы аҽазыҟаҵара иалагарц

Атәыла аенергетикатә кризис ашәарҭа аҟынтә, Молдова ахада Маиа Санду ауааԥсыра агәҽанҵара ралҭоит аӡынразы аҽазыҟаҵара иалагарц. Маиа Санду ари атәы аалыцҳаит Париж имҩаԥгаз адонорцәа рконференциаҿ данықәгылоз.

Молдова адгыларазы Франциа аҳҭнықалақь аҿы 50 тәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа еизеит.

Аконференциаҿ данықәгылоз Франциа ахада Еммануель Макрон ишазгәеиҭаз ала, Франциа Молдова ацхыраара аҳасаб ала 100 миллион евро азалнахуеит. Ари аԥара ахәҭа Молдова иҟоу украинатәи ахҵәацәа рзы иазыԥхьагәатоуп.

Молдова 32.5 миллион евро азалхра ажә шьҭанаҵеит Германтәыла аиҳабыра. Ари аԥара афымцалашара арҿыцратә хыҵхырҭақәа рырҿиареи, аинфраструктуреи ахҵәацәа рыцхыраареи рзы иалырхуеит.