«Аҿагылара аплатформа» — Азакәандаратә реидқәа реиҿкаареи рынагӡареи иалахәыз ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдҵара аиқәыршәаразы аусура наҳагӡоит
«Иахьа арежим иахаҭарнаку азинхьчаратә органқәа 5ҩык атәылауаа рҩнқәа еимырдеит, зыӡбахәы ҳәоу ауаа ахараҧсақәа ршәареи, ашьауҕатә ашьҭацалара аҽацәыхьчареи, егьырҭ арепрессиатә усмҩаҧгатәқәа рҿагылареи аҿы ҳуааҧсыра ирыцхраауа афондқәа ирыдҳәалоуп», — иануп «Аҿагылара аплатформа» аҳәамҭаҿы, уи алалырҵәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили.
«Иахьатәи афакт алагьы иубарҭоуп дара Қырҭтәыла ауааҧсыра рпротест ишаргәамҵуа, «Ақырҭуа гәахәтәы» арепрессиақәа рыда уаҳа акгьы шрылымшо.
Убри ала арежим ахаҭарнакцәа рыдгылаҩцәа агәра ддыргар рҭахуп асаби дызмоу, зцәазтәым аҧҳәыс аконституциатә аиҿкаара аилагара далахәызшәа. Ари атәылаҿы ауааҧсыра зыхьчаша институткгьы иҟам.
«Аҿагылара аплатформа» Қырҭтәыла ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчара иазкуп, абарҭ азакәандаратә реидқәа реиҿкаареи рынагӡареи иалахәыз ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдҵара аиқәыршәаразы аусура наҳагӡоит», — иануп «Аҿагылара аплатформа» аҳәамҭаҿы.