Ацҳаражҳәаҩ Гьаргь Зурабашвили Актәи аканали Ҭинаҭин Берӡенишвилии ҭабуп ҳәа реиҳәеит Ирландиа иҟоу ақырҭуа диаспора аҧсҭазаара аинтерес аҵаҵаны аарҧшразы

Ирландиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Зурабашвили Актәи аканал агенералтә директор  Ҭинаҭин Берӡенишвили ашәҟәы лзааишьҭит.

Ашәҟәы аҟны иара Актәи аканали Ҭинаҭин Берӡенишвилии ҭабуп ҳәа реиҳәеит Ирландиа иҟоу ақырҭуа диаспора аҧсҭазаара аинтерес аҵаҵаны аарҧшразы.

«Зыҧсадгьыл иацәыхараны иҟоу ҳаитәылауаа рзы аҳәынҭқарра аҟынтә хшыҩзышьҭра иаанаго ибзианы ижәдыруеит. Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара аҭыхымҭа абри аҩызаҵәҟьа азныҟәашьа аанарҧшит. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп, адиаспоратә аиҿкаара   «Ирландиа инхо ақырҭуа диаспореи», Ирландиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭеи, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аидгылара афонди еиҿыркааз абри ауснагӡатә  – аҳәаанырцә инхо ҳаитәылауаа  раҧхьаӡа акәны имҩаҧыргаз агәыҳалалратә акциоуп, уи акьыба ачамазара змоу ауааҧсыра рыцхраара иазкуп. Убри аҟынтә, ауснагӡатә аиҿкааҩцәа  рзгьы абенифициар-аиҿкаарақәа рзгьы аҵакы ду аман адиаспора иҟарҵаз абри алагала ду ишахәҭоу ала аарҧшра. Ганкахьала,  ауаажәлар ақырҭуа диаспора иазкны аинформациа наӡа рымазароуп, егьи аганахьала, адунеи еиуеиҧшым атәылақәа ирықәынхо ҳаитәылауаа абри аҩыза аус бзиақәа рыҟаҵаразы агәызҭаҵага роуеит», — иануп  Гьаргь  Зурабашвили ишәҟәы аҟны.