2023 шықәсазы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара имҩаҧнагоит  Европатәи адырраҭаратә еидгыла Ассамблеиа
 2023 шықәсазы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара имҩаҧнагоит  Европатәи адырраҭаратә еидгыла Ассамблеиа

2023 шықәсазы  Европатәи адырраҭаратә еидгыла (EBU) Ассамблеиа Қарҭ имҩаҧысуеит, уи мҩаҧнагоит  Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара.

Ари атәы аарыцҳаит   Женева имҩаҧгаз  17-тәи апресс-конференциаҿы.  Европатәи адырраҭаратә еидгыла иалахәы атәылақәа анеҩстәи ассамблеиа Қырҭтәыла имҩаҧыргарц рыӡбеит.

Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили ишылҳәаз ала,  ауснагӡатә рхы аладырхәоит  56 европатәи атәылақәа рҟынтәи 150ҩык аделегатцәа.

News Assembly —  Европатәи адырраҭаратә еидгыла есышықәсатәи форумуп,  EBU иалахәы атәылақәа рхаҭарнакцәа уаҟа еизоит зҵакы дуу астратегиатә темақәа рылацәажәареи, аҧышәа аиҭныҧсахлареи,  Ауаажәларратә дырраҭарақәа рҿы имҩаҧгоу аҭҵаара ҿыцқәа ирызкны аинформациа аиуреи азыҳәан.

18-тәи  ассамблеиа Қарҭ имҩаҧысуеит   2023 шықәса абҵара 22-23 рзы.  2005 шықәса инаркны ари ауснагӡатә есышықәса имҩаҧыргоит.