Аҷара "Синофарм" алаҵа 70-ҩык рзыҟарҵахьеит
Аҷара "Синофарм" алаҵа 70-ҩык рзыҟарҵахьеит

Аҷара “Синофарм” алаҵа аҟаҵара апроцесс алагеит. Алаҵа 70-ҩык рзыҟарҵахьеит.

Авакцинациа апроцесс дахылаԥшуеит Аҷара Агәабзиарахьчара аминистр Нино Нижараӡе. Аминистр лажәақәа рыла, заанаҵы  “Синофарм” алаҵа аҟаҵаразы иҭаҩын 1150-ҩык.