Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы иҭыԥ ахь Сулхан Ҭамазашвили икандидатура иқәдыргылеит
Аҷара автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы иҭыԥ ахь Сулхан Ҭамазашвили икандидатура иқәдыргылеит.
Ахада ихан аҿы Сулхан Ҭамазашвили икандидатура ахада Михеил Ҟавелашвилии аԥыза-министр Иркали Кобахиӡеи иқәдыргылеит.
«Аҷара иреиҳаӡоу ахеилак аҿы Автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы иҭыԥ ахь Сулхан Ҭамазашвили икандидатура иқәсыргылеит. Ари аӡбамҭа сыдыскылеит аполитикатә субиектцәа рҟны аконсультациақәа рышьаҭала. Сулхан Ҭамазашвили аполициа аполковник иоуп. Уи АҩАР аҿы кыршықәсатәи аусуратә ԥышәа имоуп», — иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.
Иахьа Аҷара автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡе инапынҵақәа шьҭеиҵеит.