Аҷара,  102 шықәса зхыҵуа аҧҳәыс COVID-19 аҽыхьчаратә алаҵа ҟалҵеит
Аҷара,  102 шықәса зхыҵуа аҧҳәыс COVID-19 аҽыхьчаратә алаҵа ҟалҵеит

Аҷара,  102 шықәса зхыҵуа аҧҳәыс COVID-19 аҽыхьчаратә алаҵа ҟалҵеит.  Иахьа, Баҭымтәи ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы  Емине Џьорбенаӡе апрепарат «Пфаизер» актәи адоза лзыҟарҵеит.

«Сара  ахҧатәи апандемиа сахаануп. Шәышықәса еиҳаны исхыҵуеит,  аха,  сыҧсы ҭазар сҭахуп. Авакцина сшахьчо  агәра згоит,  убри аҟынтә,  сааны,  алаҵа ҟасҵеит. Хар сымамкәа сыҟоуп,  иҵегьы кыршықәса шанысҵуа агәра згоит», —  илҳәеит Емине Џьорбенаӡе.