Ацентртә алхратә комиссиа заанаҵтәи адыррақәа рыла, Баҭыми, Русҭавии, Гардабании  «Ақырҭуа гәахәтәы» акандидатцәа аиааира ргеит
Ацентртә алхратә комиссиа заанаҵтәи адыррақәа рыла, Баҭыми, Русҭавии, Гардабании  «Ақырҭуа гәахәтәы» акандидатцәа аиааира ргеит

Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Гьаргь  Каландаришвили  абжьаратә алхрақәа заанаҵтәи алҵшәақәа цәыригеит.

Каландаришвили иҳамҭала,  Баҭыми, Руставии, Гардабании алхырҭақәа зегьы рылҵшәақәа иҧхьаӡоуп.

«Алхрақәа заанаҵтәи алҵшәақәа шәыдазгалар сҭахуп  —  Баҭым алхырҭақәа рызынтәгьы рылҵшәақәа иҧхьаӡоуп.

№5 Маҭе  Ҧутараӡе  «Иаку амилаҭтә ҵысра» —  30,98%;

№41 Рамаз Џьинҷараӡе  «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» —— 69,01%.

Руставии Гардабании 121 алхырҭақәа рылҵшәақәа абас иҟоуп:

№34 Мамука Тускаӡе  «Мамука Тускаӡе  – Асоциалтә аиашаразы» – 6,95%;

№41 Иракли  Шатакишвили «Ақырҭуа гәахәтәы  — Адемократиатә Қырҭтәыла» —  90,61%;

№59 Камал Мурадханов «Акзаареи аҿиареи рзы ақырҭуа партиа» — 2,43%», — иҳәеит Гьаргь  Каландаришвили.