Апарламент алахәылацәа хәышықәсатәи аҿҳәарала Ацентртә алхратә комиссиа хантәаҩыс Гиорги Каландаришвили далырхит
Апарламент алахәылацәа хәышықәсатәи аҿҳәарала Ацентртә алхратә комиссиа хантәаҩыс Гиорги Каландаришвили далырхит

Апарламент алахәылацәа хәышықәсатәи аҿҳәарала Ацентртә алхратә комиссиа хантәаҩыс Гиорги Каландаришвили далырхит.

Азаканаратә аиҿкаара аӡбара аднакылеит иахьатәи апленартә аилатәараҿ.  Ацентртә алхратә комиссиа хантәаҩыс Гиорги Каландаришвили ихаҭыԥуаас Маиа Зариӡеи, Гьаргь Шарабиӡеи, Гиа Цацашвилии иалырхит.  Гиорги Каландаришвили икандидатура иадгылеит 85-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит 16-ҩык. Маиа Зариӡе лкандидатура иадгылеит 81-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит 7-ҩык. Гиа Цацашвили икандидатура иадгылеит 81-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит 5-ҩык. Гьаргь Шарабиӡе икандидатура иадгылеит 81-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит ҩыџьа. Арегистрациа иахысит 117-ҩык адепутатцәа.

Мшаԥы 16 рзы Аиуристтә зҵаарақәа рзы апарламенттә комитет Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы иҭыԥ ахь Гьаргь Каландаришвили икандидатуреи ихаҭыԥуаас Маиа Зариӡеи, Гьаргь Шарабиӡеи, Гиа Цацашвилии ркандидатурақәа адгылеит.“Алхратә закәанеидкылеи” арегламенти ирылалаз аԥсахрақәа рыла, Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩи алахәылацәеи ркандидатурақәа ралхразы иаҭахуп апарламент 3/5 алахәылацәа (90 бжьы).  Акандидатурақәәа 90 бжьы рмоур, Апарламент Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩи алахәылацәеи еиҭах алнахъыр алшоит (76 бжьқәа рыла).