Ацентртә алхратә комиссиа хантәаҩыс Гиорги Каландаришвили далхуп
Ацентртә алхратә комиссиа хантәаҩыс Гиорги Каландаришвили далхуп

Апарламент алахәылацәа Ацентртә алхратә комиссиа хантәаҩы далырхит.

Азаканаратә аиҿкаара аӡбара аднакылеит иахьатәи апленартә аилатәараҿ. Апарламент аӡбарала, Ацентртә алхратә комиссиа хантәаҩыс еиҭах Гиорги Каландаришвили далхуп. Уи идгылеит 84-ҩык адепутатцәа. Иаҿагылеит ҩыџьа.  Арегистрациа иахысит 110-ҩык адепутатцәа.

Гиорги Каландаришвили  Ацентртә алхратә комиссиа хантәаҩыс  фымзтәи аҿҳәарала далхуп.