Ацентртә алхратә комиссиа - Аинтерес змоу аганқәа OSCE арезолиуциа алхратә администрациа адискредитациеи алхратә процесс аԥырхагахареи рзы рхы иадырхәоит
Аинтерес змоу аганқәа OSCE арезолиуциа алхратә администрациа адискредитациеи алхратә процесс аԥырхагахареи рзы рхы иадырхәоит, – иануп Ацентртә алхратә комиссиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Ацентртә алхратә комиссиа аҳәамҭаҿ ишану ала, OSCE/ODIHR апарламенттә алхрақә ирызкны аланарҵәаз аҳасабырбеи OSCE арезолиуциақәеи рҿы алхрақәа рылҵшәақәа реилахәара аӡбахә рҳәом, аха иконкрету ахаҿқәа OSCE арезолиуциаҿ алхрақәа рылҵшәақәа реилахәара иазкны иануп ҳәа аихқәа рхархәарала аманипулиациақәа злоу аҳәамҭақәа еиҭаҟарҵоит.
“OSCE арезолиуциеи OSCE/ODIHR аҳасабырбеи рҿы алхрақәа рылҵшәақәа реилахәара акәым, иконкрету аилагарақәа иазгәаҭоуп. Ҳара еиуеиԥшым атәылақәарҿы имҩаԥгаз алхрақәа ирызку аҳасабырбақәа ҳрыԥхьеит, аилагарақәа ма аграқәа рыӡбахә ҳәоуп аҳасабырбақәа зегьы рҿы, аха урҭ алхрақәа рылҵшәақәа рнырра алшом. Қырҭтәыл иаарԥшу аграқәагьы алхрақәа рылҵшәақәа рнырра рылымшеит. Ауааԥсыра OSCE ассамблеиаҿ OSCE амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла имҩаԥгаз алхрақәа рылҵшәақәаи рызкны иҟаиҵаз аҳәамҭа иазыӡырҩит.
OSCE/ODIHR аҳасабырбаҿ алхратә процесси зҵаарақәаки ирызку арекомендациақәа аарԥшуп, аха алхрақәа рлегитимациа азхамҵара ҳәоукгьы иуԥылом.
Ари зегьы даҽазнык шьақәнарӷәӷәиот иконкрету аполитикцәа рхатә позициақәа рырӷәӷәаразы ауааԥсыра оыбжьара ииашам адыррақәа шаладырҵәо”, – иануп Ацентртә алхратә комиссиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.