АКХ ахантәаҩы раԥхьаӡа акәны алхрақәа зхы алазырхәуа аҿар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
Жьҭаара 4 рзы амуниципалитет аорганқәа рахь алхрақәа мҩаԥысуеит. Қырҭтәыла атәылауаа ԥшьышықәсатәи аҿҳәарала рмуниципалитетқәа рхадацәеи аҭыԥантәи еиҳабырақәа рхаҭарнакцәеи иалырхуеит. Арҭ атәылауаа шәреиуп шәареи, раԥхьаӡа акәны алхрақәа рҽалархәра зылшо иҵегьы 46 000-ҩык иреиҳаны аҿари, – иануп АКХ ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили аҿар рахь иҟаиҵаз ааԥхьара аҿы.
“Активтә уажәларратәи аполитикатәи ԥсҭазаараҿ алхрақәа рзин ахархәара ахырхарҭала уара иҟауҵо раԥхьаӡатәи шьаҿоуп. Арҭ алхрақәа рҿы уара раԥхьаӡа акәны алхратә процесс аҽалархәра улшоит. Алхрақәа – адемократиатә уаажәларра ршьақәыргылараҿы зегь реиҳа ихадароу хҭысуп.
Иухаумыршҭын, уара утәылеи, уқалақьи, ууаԥшьи рнапхгараҭареи аԥеиԥш аиҿкаареи рҽалархәра алшара уоуеит.
Алхратә администрацизы, сара сзы алхратә процесс аҿы аҿар рҽалархәра аҵак ду амоуп. Ари иаҳзеиԥшу усуп. Убри аҟынтә алхратә зин умцәыӡын, алхрақәа рышҟа унеины, умуниципалитет ахаҭарнак иалх”, – иануп аҳәамҭа аҿы.