АцАК аҭыԥантәи алхрақәа рзы ашәҟәы иҭагалоу апартиатә сиақәа, ақалақь ахадарахь акандидатцәа, амажоритартә кандидатцәа ирызку адыррақәа аланарҵәеит
Ацентртә Аллхратә комиссиа аҭыԥантәи алхрақәа рзы ашәҟәы иҭагалоу апартиатә сиақәа, ақалақь ахадарахь акандидатцәа, амажоритартә кандидатцәа ирызку адыррақәа аланарҵәеит.
АцАК аинформациала, ашәҟәы иҭагалоуп 12 аполитикатә партиеи апартиатә сиақәеи, Қарҭ ахада иҭыԥ ахь иқәгылоуп 9-ҩык акандидатцәа.
“Ацентртә Аллхратә комиссиа аҭыԥантәи алхрақәа рзы ашәҟәы иҭагалоу апартиатә сиақәа, ақалақь ахадарахь акандидатцәа, амажоритартә кандидатцәа ирызку адыррақәа аланарҵәоит. 2025 шықәса жьҭаара 4 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа рзы ашәҟәы иҭагалоуп 12 аполитикатә партиеи апартиатә сиақәеи, Қарҭ ахада иҭыԥ ахь иқәгылоуп 9-ҩык акандидатцәа. Егьырҭ 63 амуниципалитет рҿы ашәҟәы иҩагалоуп ахадацәа рҭыԥ ахь 112-ҩык акандидатцәа, урҭ рҟынтә ԥшьҩыкаԥшьгаратә гәыԥқәа ркандидатцәа роуп. Иара убас, ашәҟәы иҭагалоуп 2228-ҩык амадоритартә кандидатцәа, урҭ рҟынтә 160-ҩык – Қарҭ. Аԥшьгаратә гәыԥқәа ркандидатцәа 32-ҩык роуп”, – иануп аинформациа аҿы.