Астомотологиатә усбарҭақәа ирыдырҵоит аусзуҩцәа зегьы В агепатит азы апрофилактикатә иммунизациеи фымз рыла знык С агепатит азы аскрининги рзеиқәыршәареи, аинфекциақәа рхылаҧшразы аҭак зыҧхықәу ахаҿы иқәыргылареи
Иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы аминистрцәа изхәаҧшыз апроект инақәыршәаны, астомотологиатә маҵзурала аиқәыршәаҩцәа рзы аҿыц стандартқәа шьақәыргылоуп. Агәабзиарахьчара аминистрра аинициативала, аусура алагареи, иара убас – анагӡареи апҟарақәа иаҳа иџьбарахоит. Аҧсахрақәа хықәкыс ирымоуп апациентцәа ршәарҭадара ахьчареи ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу асервисқәа рыла реиқәыршәареи.
Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, астомотологиатә усбарҭақәа рзы ирҿыцуп, аханатә инарҭбааны иҩуп аинфекциа апревенциеи, ахылаҧшреи, астерилизациа-дезинфекциеи, амедицинатә цәынхақәа рхылаҧшреи азы зда ҧсыхәа иҟам акритериқәа. Ари апроцесс иаҳа еиҕьны амҩаҧгара амзызла, аусбарҭақәа зегьы рҿы хымҧада дыҟазароуп аинфекциақәа рхылаҧшразы аҭак зыҧхықәу ахаҿы.
Астомотологиатә усбарҭа иауалуп аусзуҩцәа зегьы В агепатит азы апрофилактикатә иммунизациеи фымз рыла знык С агепатит азы аскрининги рзеиқәыршәара.
Уажәазы аус зуа астоматологиатә кабинетқәеи аклиникақәеи аҧсахрақәа рҿы иарбоу аҳәарақәа рынагӡара ируалуп 2024 шықәса ажьырныҳәа инаркны. Аусбарҭақәа ҿыцқәа аусура иалагар рылшоит зыӡбахәы ҳәоу астандартқәа мацара инрықәыршәаны.